Аԥсны

Ԥхынгәымза иааиуа ашәахьа ԥсшьарамшхоит Аԥсны

Аԥсылманцәа иазгәарҭо Кәырбанныҳәа инамаданы ареспубликаҿы ԥхынгәы 11 ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ақәҵарала, ашәахьа, ԥхынгәы 11 ԥсшьарамшуп. Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб. Ақәҵара Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы икьыԥхьуп.
Сынтәатәи аԥсылман мзар инақәыршәаны Кәырбанныҳәа ареспубликаҿы ԥхынгәы 9 иақәшәоит. Уи асабша ахьакәу азы ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп ԥхынгәы 11 (ашәахьа).
Кәырбанныҳәа аԥсылманцәа рныҳәа хадақәа ируакуп, уи аҽны Меккаҟа аҳаџьныҟәара хдыркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Аныҳәа азгәарҭоит Ураза-Баирам аныҳәа ашьҭахь 70 мшы анҵлак, аԥсылманцәа рымзар ала жәаҩатәи амза ажәабатәи амш азы.