Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳаир-космостә мчрақәа ДЖәР аҿы америкатәи аҭырҟьагақәа HIMARS ааха рырҭеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Урыстәыла Аҳаир-космостә мчрақәа америкатәи ареактивтә системақәа HIMARS ааха рырҭеит ДЖәР аҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа ҭыԥ Малотарановка ааигәара ракетала ааха рыҭан америкатәи аҭырҟьага шьақәгылақәа HIMARS (ҩба), урҭ рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәагьы ҩба", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
Иара убасгьы ааха рыҭан Харьков ааигәара игылоу 92-тәи абригада 22-тәи амотошьаҟатә баталион агыларҭа ҭыԥ. Иҭархоуп шәҩык рҟынӡа амилаҭеилыхыҩцәа, аибашьыга техникақәа ԥшьба.
Иара убасгьы АКМ ааха рырҭеит:
УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа фба;
Николаевтәи аобласт Лиман араион аҿы аҳәаанырцәеибашьцәа ргыларҭа ҭыԥ;
Аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа фба;
Аӷа игыларҭа ҭыԥқәа 27;
Асистема С-300 арадиолокациатә станциа.
Арратә хҳәааҟаҵаҩ Александр Хроленко игәаанагарала, НАТО киевтәи арежим иазаанашьҭуа абџьар УАМ ацәыӡқәа рызхарҭәааӡом, аибашьра адәаҿы технологиатә ԥыжәаракгьы рымам.