Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа украинатәи авертолиотқәа Ми-24 ҩ-цыраки аҳаирплан Су-25 карыжьит

Ԥшьымз ҵуеит урыстәылатәи арратә операциа Украина имҩаԥысуеижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Урыстәылатәи ажәыларатә ҳаирплан Су-35 Николаевтәи аобласт иатәу аиланхарҭа ҭыԥқәа Снегиревкеи Николаевкеи рыжәҩан аҿтәи аибашьраҟны авертолиотқәа Ми-24 ҩбеи аҳаирплан Су-25 канажьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит авертолиот Ми-8 Николаев иахьаҵанакуаз, иара убри араион аҿы икажьын аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 11.
Иҭархоуп ареактивтә система "Ураган" авзвод, артиллериатә взводқәа хԥа, ареактивтә система "Град" авзвод.
Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатәии артиллериатәии ар ааха рырҭеит 77 раион рҿы аруааи аибашьыга техникеи.
ДЖәР аҿы рыԥырра еиԥырҟьоуп украинатәи абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" (жәба), Харьковтәи аобласт аҿы ареактивтә хгәыцәқәа 8.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 232 ҳаирплан, 137 вертолиот, 1462 аԥырҩы дызҭам аппарат, 353 зенит-ракетатә комплекс, 3915 танк, 720 реактив-систематә машьынақәа, 3096 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 4043 ак аибашьыга автомобилтә техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аоперациа ҷыдаз: аӷа ацәыӡ дуқәа имоуп