Аԥсны

Аекономика аминистрраҿы абылтәы азы аҭагылазаашьа иалацәажәеит

Хәажәкыра 1 азы Аԥсны ақәҵара рыдыркылеит-анефҭаалыҵқәа аазго аахәаратә хәыԥсақәа реиҭакра ианаамҭо ақәҿырҭырц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 – Sputnik. Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган абылтәы азы аилахәырақәа рнапхгаҩцәа алархәны анефҭаалыҵқәа рџьармыкьаҿы иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.
Аԥсны
Апарламент Аминистрцәа реилазаара ирабжьнагеит ԥхынгәы 7-нӡа абылтәы ахәԥса еиқәдыртәарц
Аилацәажәара алахәылацәа азааиит. иахьазы Аԥсны аус зуа ахәԥсеиҿкаара аилахәырақәа ракәымкәа ауааԥсыра ринтересқәа ишрықәшәо.
Иахьазы абензин ахә "Роснефть" аҿы ада зехьынџьара иларҟәуп: АИ-95 ф-мааҭк илаҟәит лаҵарамза иаҿырԥшны. Адизельтә былтәы ахә шыҟоу иҟоуп аахәаԥса аҽахьеиҭанамкыз азы.
Иазгәаҭан акурорттә аамҭазы абылтәы аагара аҿҳәарақәа ишрыцло, аха убри аан иазхо аҵәах ыҟоуп ҳәа.
Хәажәкыра 1 азы Аминистрцәа реилазаара нефҭаалыҵқәак рыхәԥса ахәаахәҭратә хәыԥса шьақәдыртәеит. Аиҳабыра рықәҵарала лаҵара 1 азынӡа абензин АИ-92 ахәԥса узхымсуа ацҵа 6 - 14%, адизельтә былтәы –2 - 5% ҳәа ишьақәдыргылеит.
Ари аҩыза аҭышәныртәаларатә форма аахәаратә хәыԥса иаҿырԥшны, узхымсуа ацҵа ҳәаақәнаҵалоит ҳәа лҳәеит Озган.
Аԥсны
Озган Москва аилацәажәарақәа мҩаԥылгеит аҿиареи абылтәы ахәԥса аларҟәреи рызҵаарақәа рзы