Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьапуа ацха зауад азҵаареи ақыҭанхамҩатә проектқәеи ирызкны

Аԥсны аԥыза министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ацха зауад азҵаареи ақыҭанхамҩатә проектқәеи рынагӡаразы аусурақәа шцо.
Sputnik
Анхаҩцәа шықәсык аҩнуҵҟа 500-600 тонна рҟынӡа ацха рыԥшуеит, реиҳараҩык ирҭииуеит, аха иаанхогьы маҷым. Ус хышықәса зхыҵуа ацха ахьгылоу ыҟоуп мрагыларатәи аган анхаҩцәа рҿы, иҳәеит Џьапуа.
Џьапуа дазааҭгылеит 2015 шықәсазы иргылаз азауад иамаз ауадаҩрақәа ртәы.
"Ацха акарантинтә аалыҵ ахь иаҵанакуеит азы алабораториа аҟынтә ақьаадқәа рҭахуп. Ҳара ҳҿы иҟарҵоз ақьаад 12 сааҭ ракәын аус ахьауаз, ауаа аамҭа рыцәцон аҳәаа иахыргаанӡа. Алабораториа аибыҭаразы ҵыԥх хә-миллионк мааҭ арбан апрограммаҿы, сынтәа аагара иаҿуп. Ашьхымза зааӡо Москва иҟоу ахеилакқәа руак аҟны иҳаҵырҳәеит иҟаҵатәыз, анаҩс Россельхознадзор иҳарҭоит акредитациа, араатәи алабораториаҿы иҟарҵо анализқәа Урыстәыла ирыдыркыларцаз. Алабораториа ахәҭақәа зегьы макьана иаагаӡам, анаҩс а ҟазауаа ишьакәдыргылоит. Акызаҵәык, Москва алабораториаҿы аспециалистцәа азыҟаҵатәуп, уи азы ҳаиҵаханы ҳаҟоуп. Апрограмма иарбаӡам уи азы аԥарашәара, уи аҵарадырра аминистрра иадуп. Уигь ӡбахоит. Абиохимиатә факультет иалгаз шьҭны, мызкала идырҵаны арахь иаарышьҭуеит", - еиҭеиҳәеит Џьапуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.