Аԥсны

Быҭәба Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа ахәшәтәырҭақәа акурорттә сезон ишазыхиоу гәеиҭеит

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба усутә ныҟәарыла Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда ахәшәтәырҭақәа дырҭааит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба усутә ныҟәарыла Гагра, Гәдоуҭа, Пицунда ахәшәтәырҭақәа дырҭааит акурорттә сезон ишазыхиоу ибарц, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Гагратәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиаԥҳа еиҭалҳәеит акадрқәа рзымхара шыҟоу. Быҭәба иҳәеит ари азҵаара хара имгакәа ишыӡбахо: нанҳәа 1 инаркны арахь даараны дыҟоуп урыстәылантәи ареаниматолог, иара убасгьы арахь иааилоит Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҟынтәи аҳақьымцәа. Иазыӡбоуп амедусҳәарҭаҿы ацхыраара ласы даҽа бригадак аиҿкаара.
Пицундатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Савели Серетидии аминистри алацәажәеит 25 ҭыԥ змоу астационар аартра, ауаа Гаграҟа ирмышьҭларц азы. Аминистр ихахьы игеит абри азы амедусзуҩцәа ргәыԥ аиҿкаара.
Уаанӡа ковид-госпитальс иҟаз Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акоронавирус змоу чмазаҩык дышьҭоуп. Аҳақьым хада Алхас Шамба иҳәеит уи иахәҭоу ахәшәтәра дшахысуа. Акомпиутортә томограф атехмаҵзура иахыжьтәуп, аҭыжьыҩ "Форсайт Медикал" аҟазауаа ҳарзыԥшуп иҳәеит Шамба.