Аԥсны

Аинрал Уалид Маршьан иаҳәаԥса Аԥсуа ҳәынҭмузеи ҳамҭас иаҭоуп

Маршьанаа рҭаацәа рзы кырзҵазкуа ареликвиа Аԥсны ахада ҳамҭас иҭан 2021 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә Республика усутә ныҟәарыла даныҟаз.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 – Sputnik. Шьамтәылатәи ар реинрал-амаиор, иналукааша ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы Уалид Маршьан иаҳәаԥса Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас иаҭоуп. Абри азы аӡбамҭа идикылеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа ҳәа аанацҳауеит ипресс-маҵзура.
Маршьанаа рҭаацәа рзы кырзҵазкуа ареликвиа Аԥсны ахада ҳамҭас иҭан 2021 шықәсазы Шьамтәылатәи Арабтә Республика усутә ныҟәарыла даныҟаз. Аслан Бжьаниа аҳамҭа инапы иаиркит Уалид Маршьан иԥа Ҳалид Маршьан, усҟан уи иазгәеиҭеит аҳәаԥса Уалид Маршьан ишныҟәигоз арратә Академиаҟны иҵара даналга, аҭаацәа рызгьы акыр шаҵанакуа ареликвиа аинрал иҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны иҟазар.
Аслан Бжьаниа Уалид Маршьан иҭаацәара дырҭааит
Аслан Бжьаниа ихьӡала аинрал Абаза иаҳәаԥса аҳәынҭқарратә музеи иаиҭеит аҭҵаарадырреи акультуреи рызҵаарақәа рзы ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
"Сгәы иаанагоит аҳәаԥса аԥсуа культура ахәышҭаараҟны - амузеи аҟны иахәҭоу аҭыԥ ааннакылап ҳәа", - иҳәеит Нугзар Логәуа.
Президент Аслан Бжания передал Абхазскому государственному музею шпагу генерала Абаза