Аслан Бжьаниа Уалид Маршьан иҭаацәара дырҭааит

© Foto / официальный сайт президента Республики Абхазия Президент Абхазии встретился с семьей Уалида Маршана
Президент Абхазии   встретился с семьей Уалида Маршана - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеит лаҵара 16 рзы, Аԥсни Шьамтәылеи наҟ-наҟтәи русеицура азҵаарақәа рылацәажәаразы.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәыла арратәи ауаажәларратәи усзуҩ, аинрал-маиор Уалид Маршьан иҭаацәара дырҭааит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аҭаацәа рахь днеиаанӡа Аслан Бжьаниа Уалид Маршьан анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аԥснытәи аделегациа ирԥылеит Уалид иԥшәмаԥҳәыс Жансет Казанбеи иԥа Халид Маршьани. Уалид Маршьан иԥа асасцәа аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит ари амш аҭаацәа рзы ишыхҭыс дуу.

"Шьамтәыла иҟоу Кавказ адиаспора ахаҭарнакцәа атәылаҿ имҩаԥысуа аҳәынҭқарратә усқәа зегьы ирылахәуп. Шьамтәылатәи кавказаа, аԥсуаагьы абрахь иналаҵаны аԥсадгьыл ахьчара рлагала ду алоуп. Шәҩык рҟынӡа Нхыҵ Кавказ аԥацәа шьамтәылатәи ар ирылахәны аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Ҳхада Башар Асад иаԥхьагыларала ҳреспублика еиқәҳархеит. Иара иакәымзар иахьа ара ҳаиқәымшәаргьы ҟаларын. Арахь шәымҩахыҵра ҳаҭырқәҵара дууп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", - иҳәеит Халид.

Халид Маршьан Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит Маршьанаа рыхьӡала аинрал абаза иаҳәа.

"Арратә академиа даналгоз иман. Ҳара ҳзы ари хәызмаӡам ҭынхоуп. Агәра згоит шәнапаҿы кьыс шамоуа", - иҳәеит Маршьан.

Жансет Казанба Аслан Бжьаниа ҭабуп ҳәа иалҳәеит дара рахь дахьымҩахыҵыз азы.

"Аҟәа, Уалид иабацәа рыдгьыл аҿы ибаҟа ахьықәыргылоу ахьӡала абри аҳәа ҳамҭас ишәаҭәаҳшьоит. Ҳара ҳзы уи аҵакы дууп. Иаҳҭахуп иара наӡаӡа Аҟәа иҟазарц", -лҳәеит Жансет Казанба.

Официальная встреча Президентов Республики Абхазия и Сирийской Арабской Республики Аслана Бжания и Башара Аль-Асада - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Аслан Бжьаниеи Башар Асади Шьамтәыла еиԥылеит

Аԥсны ахада ҭабуп ҳәа ахиҳәааит изымҩаԥгаз адкылараз.

"Ҳара ибзианы иаадыруеит шәҭаацәара Шьамтәылазы ирбахьоу аџьабаа. Аинрал Уалид Маршьан ихьӡ хьтәы нбанла иануп Шьамтәыла аҭоурых аҿы аиԥш Аԥсны аҭоурых аҿгьы. Анцәа ду ҳиҳәоит шәҭаацәара еиҵаҭәны рыҟазааразы. Аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи Шьамтәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниеи Валери Кәарҷиеи Уалид Маршьан иҭаацәара агәалашәаратә ҳамҭақәа ранаршьеит.

Аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеит лаҵара 16 рзы. Лаҵара 17 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар Аль-Асади рофициалтә еиԥылара мҩаԥысит Дамаск.

Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы актәи аилатәара мҩаԥысит Дамаск лаҵара 18 рзы. Уи адагьы Аԥсни Шьамтәылеи рнапы аҵарҩит рбаӷәазақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭреи Атуризм аусх аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭреи.

Аслан Бжьаниа напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩаша лаҵара 18 рзы ишьақәырӷәӷәан аҩтәылак рпарламентқәа рыбжьара аиҩызаратә гәыԥ, уи иалалеит шьамтәылатәи адепутатцәа 15-ҩык, иара убас уи аҽны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата абзоурала иаартын Аԥсны ахәаахәҭратә ҩны.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит лаҵара 29, 2018 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0