Аԥсны

Гагра амшын аҿы агәаҭарақәа мҩаԥган

Амшынҭалара аамҭазы Зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа Аԥсны аӡымҽхакырақәа зегьы рҿы ареидқәа шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik. Гагра инаркны Цандрыԥшь аҟынӡа Зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аусзуҩцәа амшынтә гәаҭарақәа мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, агидроциклқәа ргәаҭарақәа шымҩаԥгаз. Урҭ ртехникатә ҟазшьарбагақәеи иара убас урҭ рымазааразы азин шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәеи рыла еиқәшәан, аха аинспекторцәа урҭ ццакцәаны ишныҟәоз рбеит, уи азы ахараԥсеи аҭакԥхықәреи шрыду азы абжьгарақәа ҟарҵеит.
Аԥхынразы асеиԥш агәаҭарақәа мҩаԥысуеит мызкахьы знык, аӡынразы – знык еиҵамкәа.
Гагра аӡымҽхак аҿы амшынтә реид мҩаԥган