Аԥсны

Гагра сасааирҭак ахыб аҿы амаининг-ферма рбеит

Изакәанымкәа аус зуаз амаининг-ферма рбеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, араионтә Шәарҭадаратә маҵзура аҟәшеи, Аԥсны Аҳәынҭстандарт Атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшразы адепартаменти, "Амшынеиқәафымцамчи" русзуҩцәа еицхырааны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иаадырԥшит Гагра Владислав Арӡынба ипроспект аҿы игылоу асасааирҭа ахыб аҿы иқәыргыланы изакәанымкәа аус зуаз амаининг-ферма. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Афермаҿы ишьақәыргылан акриптоферма зырҳауа 61 маруга. Амаинерқәа зегьы рымырхын, иҷыдоу ашьҭаҵарҭаҿы ирҵәахит.

Аферма зтәыз Едик Григолиа иганахьала административтә ԥкаанҵа рҩит изакәанымкәа афымцацәаҳәақәа рҽаԥшьреи акриптовалиута арҳаразы афымцамч ахархәареи рзы.

Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута арҳаразы аусура азин аанкылоуп 2020 шықәса ԥхынҷкәынмза аахыс афымцаҳақәа ахьажәуи ахьанҭара ахьырзышьҭымхуеи инарыдҳәаланы. Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.