Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Запорожтәи аобласт Урыстәыла иаҳәеит газла аиқәыршәараҟны ирыцхраарц

Аобласт анапхгара аҳәамҭа ҟарҵеит агазмҩангага аԥхасҭа шаҭам, агаз арахь ааира аанызкылаз Киев ауп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Запорожтәи аобласт Арра-граждантә напхгара Урыстәыла аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵеит газла аиқәыршәараҟны ирыцхраарц. Абри аҟынтә иофициалтә Telegram-канал аҿы адырра ҟаиҵеит аобласт анапхгара аиҳабы Евгени Балицки.
"Иахьа Запорожтәи аобласт иқәынхо ауаа газда иаанхеит. Агазмҩангага аԥхасҭа амаӡам. Ҳара еилаҳкаауеит уи баша ишаҿырхыз. Киевтәи арежим Запорожтәи области уи атәылауааи иагьырҭахым, хьаасгьы иамам. Иахьа рхы иадырхәо аметодқәа Ҟрым иҟарҵоз иеиԥшуп. Уи агеноцид аметодқәа роуп - ауаа аӡы, агаз, афымцалашара рзаҿыхра", - иҳәеит Балицки.
Запорожтәи аобласт Арра-граждантә напхгара аиҳабы иажәа иацҵо иҳәеит аобласт анапхгара Урыстәыла ишаҳәаз ааглыхратәи абзазаратәи фымцамаругақәа рзаарышьҭырц.
Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рхы иақәиҭтәын Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә опеарциа ҷыда амҩаԥгараан мшаԥымзазы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Запорожиетәи аобласт Урыстәыла адларазы ареферендум сынтәа имҩаԥысраны иҟоуп
Арегионқәа рҿы еиҿкаауп арра-граждантә напхгарақәа, аикәыршарахь амааҭ нашьҭуп, урыстәылатәи ателеканалқәеи арадиостанциақәа цырҵуа иалагеит. Аҩобластк Урыстәыла иахәҭакны иҟаларц рҭахуп.