Аԥсны

Анаркотикқәеи аӷьычреи: ААР аоперативтә дырраҭара ҟанаҵеит

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иакьыԥхьит иаанкылоу азинеилагаҩцәа ирызку есымчыбжьатәи аҭагылазаашьазы аоперативтә дыррақәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Хҩык Аԥсны атәылауаа аанкылан анаркотикқәа раахәареи рыҵәахреи рзы, даҽаӡәы - аӷьычразы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Алаҳаӡы ақыҭа анхаҩы Галуст Минасиан даанкылан аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы. Иара пассаџьырк иаҳасабала дахьҭатәаз Урыстәылантәи Аԥсныҟа ицоз автомашьынаҿы ирбеит анаркотикатә маҭәашьар "метадон" рацәаны.
Анаркотикқәа имырхит. Минасиан иганахьала ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 2, ахәҭаҷ 224 азгәаҭа 1 ахәҭа 2 ала. Иара дырбаандаҩуп.
Аԥсны
Ҩыџьа Аԥсны атәылауаа аԥара рацәаны мцҳәарыла ирӡеит ҳәа ирбаандаҩуп
ААР Анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбарҭеи аконтрабандеи аҳазалхратә зинеилагаҩцәеи рҿагыларазы аҟәшеи русзуҩцәа аҳазалхратә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы дааныркылеит Гәдоуҭа анхаҩы Амиран Матуа.
Ашьаусԥшаара ишаанацҳауа ала, атәылауаҩ Матуа изакәанымкәа иааихәеит, иныҟәигон, инапаҿы иман анаркотикатә маҭәашьар "метадон" рацәаны. Уи дангәарҭоз идырбалаз аилаҳәара иагәылан. Уажәы Амиран Матуа даанкылоуп, иганахьала ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 223 ахәҭа 2 ала.

Азинхьчаратә усбарҭақәа ашьаусԥшаара иаҿуп Аҟәа анхаҩы Дмитри Ӡиӡигури иганахьала, иара изакәанымкәа анаркотикқәа ааихәеит, иныҟәигон, аҭира иазкымкәа иҵәахны иман ҳәа.
Хаҭалатәи игәаҭараан Ӡиӡигури идырбалеит аметадон зҭаз агәырқәа ҩба. Уажәы иара атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапы аҵарыҩны доушьҭуп.
Аԥсны
Ҩыџьа урыстәылаа анаркотикқәа рыҭиразы Аԥсны рус ӡбаны иҭаркит
Иара убас ААР аусзуҩцәа дааныркылеит Рамаз Нарманиа, Очамчыра ақалақь аҿы аӷьычра ҟаиҵеит ҳәа. Аусбарҭа адыррала, иаанкылаз ауаҩы шьоук рыҩны дыҩналан апланшет Samsung, амаланыҟәа "STELS" иӷьычит.
Нарманиа иазгәеиҭеит амаланыҟәа аҭира дахьӡеит ҳәа, апланшет акәзар, имырхит.
Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 115 ахәҭа 3 ала ашьаус хацыркуп. Рамаз Нарманиа дырбаандаҩуп.