Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҩыџьа Аԥсны атәылауаа аԥара рацәаны мцҳәарыла ирӡеит ҳәа ирбаандаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМашины МВД Абхазии
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.07.2022
Анапаҵаҩра
Ацәыӡ зауз рыгәра игартә рхы аныҟарҵа ашьҭахь, дара 18 нызқь мааҭ имырхит изынармыгӡаз амаҵзуразы, анаҩс иавтомашьына иҭаланы ицеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 10 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа ҩыџьа заанаҵ еибыҳәаны аԥара рацәаны мцҳәарыла ирӡеит ҳәа рхарарҵоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аусбарҭа адыррала, 23 шықәса зхыҵуа Гәдоуҭа араион анхаҩы Султан Баӷбеи 29 шықәса зхыҵуа Цандрыԥшь анхаҩы Асҭамыр Солобови аԥхасҭа ззыруз ауаҩԥсы дақәдыргәыӷит ицәыӡыз иавтомашьыназы аршаҳаҭга ҿыц 18 нызқь мааҭ ҳәа ишизыҟарҵо. Уи ашьҭахь 600 нызқь иаԥсоу имашьына иақәтәаны ицеит, уаҳа рхабаргьы ҟарымҵеит.

Аԥсны ААР аусзуҩцәа Баӷбеи Солобови ԥыҭрак ашьҭахь иааныркылеит, анаҩс урҭ руаӡәк дрыцырхырааны ирӡаз автомашьына Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан ирбеит, иагьрымырхит.
Ашьаус хацыркуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 156 ахәҭа 4 инақәыршәаны. Ахара здырҵо ырбаандаҩуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0