Аԥсны

Аҟәатәи арҵаҩцәа қәыԥшцәа рԥышәа аизырҳаразы имҩаԥысуаз "Арҵаҩратә ҟазара ашкол" хыркәшоуп

Зынӡа аҟәатәи ашколқәа рҟны аус руеит 480-ҩык арҵаҩцәа, урҭ рахьтә 170-ҩык хәышықәса еиҳамкәа аԥышәа змоу иқәыԥшу ҟазауаауп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Аҳҭнықалақь арҵаҩцәа қәыԥшцәа рԥышәа аизырҳаразы тамбовтәи аҟазауаа мчыбжьык имҩаԥыргоз "Арҵаҩратә ҟазара ашкол" хыркәшоуп, абри атәы аанацҳауеит Аҟәа ахадара асаит.
Аҟәа ахадара аҵараусбарҭа адыррақәа рыла, мчыбжьык иалагӡаны Ашкол аҟны имҩаԥган 50 лекциа, аҟаза-иклассқәа, акомпиутер ахархәашьазы ассесиақәа.
Ашкол алахәылацәа рколлегацәеи ирзеиҭарҳәон ахәыҷқәа аус рыдулараҿы иаадырԥшыз алҵшәа змаз рпроектқәа, рыԥшаарақәа, реихьӡарақәа.
Аԥсны
Аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" Гагра имҩаԥысуеит
Аԥснытәии урыстәылатәии аҟазауаа рԥышәа аимадара, рырҵаҩратә ҟазара аизырҳара иазырхоуп ари апроект.
"Арҵаҩратә ҟазара ашкол" хыркәшо уи аиҿкааҩцәа- Р.Г.Державин ихьӡ зху Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет ахаҭарнакцәа арҵаҩцәа қәыԥшцәа рԥышәа аизырҳаразы атренингқәа ишырхысыр зыршаҳаҭуа агәраргагақәа рырҭеит.
Апроект аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи ирыӡбеит русеицура ацҵара, есышықәса "Арҵаҩратә ҟазара ашкол" амҩаԥгара.