Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" Гагра имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПервый звонок в Сухумских школах
Первый звонок в Сухумских школах  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2022
Анапаҵаҩра
Ашықәс алагамҭазы Аԥсны аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" мҩаԥысит. Иара рхы аладырхәит 140-ҩык арҵаҩцәа.
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Жәларбжьаратәи арҵаратә проект "Ашықәс арҵаҩы" ҩынтәуп Аԥсны имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа иҳәеит Аҵара аминистр Инал Габлиа.

Гагра имҩаԥгахоит аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" .

Апроект иалахәхоит Урыстәыла аицлабра "Ашықәс арҵаҩы" аҿы аиаира згаз арҵаҩцәа. Урҭ аԥснытәи рколлегацәа рԥышәа рымардоит.
"Ашықәс арҵаҩы" – урыстәылатәи азеиԥшҵаратә проектуп, еиднакылоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы арегионалтәи урыстәылазегьтәи аиндаҭларақәа рыҟны арҵаҩцәа иаиааизи алауреатцәеи. Аԥхыни аӡыни аԥсшьараамҭақәа рзы имҩаԥыргоит арҵаратә ԥышәа инарҭбааны аимдаразы.
Сынтәа аӡынразы раԥхьаӡа акәны Урыстәылатәи аҵарадырратә проект жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" рхы аладырхәит 140-ҩык инарзынаԥшуа Аԥснытәи арҵаҩцәеи 40-ҩык Урыстәылантәи арҵаҩцәеи. Аԥснытәи арҵаҩцәеи дареи еицымҩаԥыргеит 100 инарзынаԥшуа амастер-классқәа, рзанааҭ ҟазара иаҵанакуа еиуеиԥшым аԥышәеи азҵааҭәқәеи рзы ргәаанагарақәа еимырдеит.
Кәакәасқьырԥҳа аӡынтәи ашкол Ашықәс арҵаҩы азы: хҭыс духеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2022
Арадио
Кәакәасқьырԥҳа аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" азы: хҭыс духеит
Ажәабжьқәа зегьы
0