Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Занҭариаԥҳа ақыҭа ԥсҭазаара иацу ахандеира иазкны

Кәтол ақыҭан инхо Лиуда Занҭариаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит ақыҭаҿы ауаҩы дынхартә еиԥш зда дхәарҭам абзазаратә обиектқәагьы ыҟазарц шаҭаху, аҳәынҭқарраҟны уи ахшыҩзышьҭра арҭарц шахәҭоу.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.