Амаамынқәа рцәырԥшӡа раԥхьатәи ахҭыс аарԥшуп Урыстәыла

Адунеи атәылақәа 40 рҟны иазгәаҭоуп амаамынқәа рцәырԥшӡа, зықьҩыла ауаа ачымазара рыдбалоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Урыстәыла раԥхьаӡа акәны амаамынқәа рцәырԥшӡа ахҭыс азгәаҭоуп, уи идбалоуп Европантәи Санкт-Петербургҟа иааз арԥыс, абри атәы аанацҳауеит Роспотребнадзор апресс-маҵзура.
"Аҿкы идбалоуп Европантәи иааз арԥыс қәыԥш. Иара амедусҳәарҭахь днеит ицәа ақәыԥсарақәа анадибала. Уажәы апациент хазы дышьҭоуп. Ичымазара хьанҭамкәа ихигоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иара дызнырыз ауаа рсиа шьақәыргылоуп. Урҭ ӡәыр ачымазара аҟазшьақәа идбалахар амедицинатә цхыраара иҭахоит.
Уаанӡа Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) амаамынқәа рцәырԥшӡа Урыстәыла зҵазкуа Европатәи арегион аҿы алаҵәара ҳаракуп ҳәа ирыԥхьаӡеит.
ААЕ ахаҭарнак илҳәеит, атәылақәа рнапхгаҩцәа иҟоу апроблема азхьаԥшра арҭарц, ахҭыс ҿыцқәа аарԥшразы ирылшо зегьы шыҟарҵаша, аҿкы зыдбалоу ачымазцәа реиҭанаиааира ахылаԥшра шаҭатәу анаҩс ачымазара аламырҵәаразы.