https://sputnik-abkhazia.info/20220712/amaamyna-rtsyrsha-rakhati-akhys-aarshup-urystyla--1040203698.html
Амаамынқәа рцәырԥшӡа раԥхьатәи ахҭыс аарԥшуп Урыстәыла
Амаамынқәа рцәырԥшӡа раԥхьатәи ахҭыс аарԥшуп Урыстәыла
Sputnik Аҧсны
Адунеи атәылақәа 40 рҟны иазгәаҭоуп амаамынқәа рцәырԥшӡа, зықьҩыла ауаа ачымазара рыдбалоуп. 12.07.2022, Sputnik Аҧсны
2022-07-12T16:26+0300
2022-07-12T16:26+0300
2022-07-12T16:26+0300
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/10/1037615646_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_c1a8eabba7cd928b2ba4c1d3ac210e88.jpg
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Урыстәыла раԥхьаӡа акәны амаамынқәа рцәырԥшӡа ахҭыс азгәаҭоуп, уи идбалоуп Европантәи Санкт-Петербургҟа иааз арԥыс, абри атәы аанацҳауеит Роспотребнадзор апресс-маҵзура."Аҿкы идбалоуп Европантәи иааз арԥыс қәыԥш. Иара амедусҳәарҭахь днеит ицәа ақәыԥсарақәа анадибала. Уажәы апациент хазы дышьҭоуп. Ичымазара хьанҭамкәа ихигоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.Иара дызнырыз ауаа рсиа шьақәыргылоуп. Урҭ ӡәыр ачымазара аҟазшьақәа идбалахар амедицинатә цхыраара иҭахоит.Уаанӡа Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) амаамынқәа рцәырԥшӡа Урыстәыла зҵазкуа Европатәи арегион аҿы алаҵәара ҳаракуп ҳәа ирыԥхьаӡеит.ААЕ ахаҭарнак илҳәеит, атәылақәа рнапхгаҩцәа иҟоу апроблема азхьаԥшра арҭарц, ахҭыс ҿыцқәа аарԥшразы ирылшо зегьы шыҟарҵаша, аҿкы зыдбалоу ачымазцәа реиҭанаиааира ахылаԥшра шаҭатәу анаҩс ачымазара аламырҵәаразы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/10/1037615646_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_366379c5a54e24ea62cf65139b7d2c75.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Амаамынқәа рцәырԥшӡа раԥхьатәи ахҭыс аарԥшуп Урыстәыла
Адунеи атәылақәа 40 рҟны иазгәаҭоуп амаамынқәа рцәырԥшӡа, зықьҩыла ауаа ачымазара рыдбалоуп.
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Урыстәыла раԥхьаӡа акәны амаамынқәа рцәырԥшӡа ахҭыс азгәаҭоуп, уи идбалоуп Европантәи Санкт-Петербургҟа иааз арԥыс, абри атәы
аанацҳауеит Роспотребнадзор апресс-маҵзура.
"Аҿкы идбалоуп Европантәи иааз арԥыс қәыԥш. Иара амедусҳәарҭахь днеит ицәа ақәыԥсарақәа анадибала. Уажәы апациент хазы дышьҭоуп. Ичымазара хьанҭамкәа ихигоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Иара дызнырыз ауаа рсиа шьақәыргылоуп. Урҭ ӡәыр ачымазара аҟазшьақәа идбалахар амедицинатә цхыраара иҭахоит.
Уаанӡа Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) амаамынқәа рцәырԥшӡа Урыстәыла зҵазкуа Европатәи арегион аҿы алаҵәара ҳаракуп ҳәа ирыԥхьаӡеит.
ААЕ ахаҭарнак илҳәеит, атәылақәа рнапхгаҩцәа иҟоу апроблема азхьаԥшра арҭарц, ахҭыс ҿыцқәа аарԥшразы ирылшо зегьы шыҟарҵаша, аҿкы зыдбалоу ачымазцәа реиҭанаиааира ахылаԥшра шаҭатәу анаҩс ачымазара аламырҵәаразы.