Аԥсны

Аҟәа имҩаԥгахоит ашьапылампыл азы Шәача ачемпионат

Ҵыԥх аԥснытәи ашьапылампыласцәа Шәача ачемпионат аҿы араӡны иаиааит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Ԥхынгәы 14 рзы аԥсуа спорт аҭоурых аҟны раԥхьаӡакәны Аҟәа имҩаԥгахоит ашьапылампыл азы Шәача ачемпионат. Абри атәы аанацҳауеит Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
"Аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны еицыхәмаруеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети "Аланиеи" ркомандақәа.
Ахәмарра иалагоит асааҭ 17:00 рзы.
Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа команда 11 хәмарра мҩаԥнагеит, урҭ рахьынтә бжьынтә иаиааит, ҩынтә еиҭахеит, ҩынтә иаҵахеит.
ААУ акоманда 23 кәатала амоуп, атурниртә таблицаҟны абыжьбатәи аҭыԥ ааннакылоит, "Аланиа" акоманда акәзар 17 кәатала амоуп, аабатәи аҭыԥ аҟны игылоуп.
Аԥсны
Аԥсны аминистррақәеи аусбарҭақәеи рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир аатит Аҟәа