Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аминистррақәеи аусбарҭақәеи рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир аатит Аҟәа

© Foto / Госкомспорт Абхазии Любительский турнир по мини-футболу среди команд министерств и ведомств Абхазии стартовал в Сухуме
Любительский турнир по мини-футболу среди команд министерств и ведомств Абхазии стартовал в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 28– Sputnik. Аԥсны аминистррақәеи аусбарҭақәеи ркомандақәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы атурнир аатит рашәара 27 азы Аҟәа. Абри атәы аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Атурнир иалахәуп 20 команда. Аҵәҭаԥсара инақәыршәаны актәи амш азы еиԥылеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Акультура аминистрреи ркомандақәа. Азинхьчаҩцәа аиааира ргеит 5:0 ҳәа.
Аҩбатәи амш азы Атәылахьчара аминистрра акоманда 0:5 ҳәа иаҵахеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла АшәМ акоманда реицыхәмарраан.

Рашәара 28 азы имҩаԥгахоит х-хәмаррак: Аҟәатәи ақалақьтә еизара – "Аҵәахбанк"; Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра - Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра; АшәМ – Апрокуратура хада ркомандақәа рыбжьара.

Аҵәҭаԥсара инақәыршәаны акомандақәа хәба-хәба команда злахәу 4 гәыԥк рыла еихшан. Агәыԥ А ахь иаҵанакит: АУН "Амшынеиқәафымцамч", Аҟәатәи ақалақьтә еизара, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра, Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра, ИАЕ "Аҵәахбанк".
Агәыԥ В ахь иаҵанакит: Аԥсны иҟоу Урыстәыла АшәМ, Аԥсны АшәМ, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Атәылахьчара аминистрра, Апрокуратура хада.
Агәыԥ C иаҵанакит: Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра, АУН "Аԥсныеихамҩа", Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз Аилак, Агәабзиарахьчара аминистрра, Аҟәа ақалақь ахадара.
Агәыԥ D иаҵанакит: Астандартқәеи, ахархәаратәии атехникатәии хылаԥшреи Рҳәынҭқарратә еилакы, аекономика аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, акультура аминистрра, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра.
Атурнир арегламент ала згәыԥ аҟны актәи ҩ-ҭыԥк згаз аколлективқәа еиндаҭлоит, афинал 1/4 ахь инеиуеит, иаиааиз афиналбжахь. Атурнир мҩаԥысуеит мызкы аҩнуҵҟа.
Ажәабжьқәа зегьы
0