Аԥсны

Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭан имҩаԥигоз иусутә еилацәажәарақәа хиркәшеит

Атәыла ахада ида аԥсуа делегациа иалоу Жәлар Реизара аиҳабы, атуризм аминистр, Очамчыра араион ахада, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, ахада иабжьагаҩ Башкортосҭанҟа амҩа иқәлеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭан имҩаԥигоз иусутә еилацәажәарақәа хиркәшеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Ҭаҭарсҭан ахада Рустам Минниханов хаҭала аҳаирбаӷәазанӡа аԥсуа делегациа наскьеигеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызхагылоу аделегациа Ҭаҭарсҭанҟа инеит ԥхынгәы 10 рзы. Арҭ амшқәа ирылагӡаны Бжьаниеи Минниханови Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы ахыхарҭақәа ирылацәажәеит, дырҭааит еиуеиԥшым аусбарҭақәа.
Аԥсны
Бжьаниеи Минниханови Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы ахыхарҭақәа ирылацәажәеит
Иара убас Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Фарид Мухаменшин еиԥылеит. Лаша Ашәба Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭеилакы азакәанԥҵараҿы иамоу аԥышәа азҿлымҳара аиҭеит, акомитетқәа аексперттә хеилакқәеи, апарламенттә комиссиақәеи, адепутатцәа ргәыԥқәеи, афракциақәеи русушьа ҭиҵааит.
Аделегациа ԥхынгәы 12 рзы Башкортосҭанҟа ицоит. Русутә ныҟәара хыркәшахоит ԥхынгәы 15 рзы.
Аԥсны
Лаша Ашәбеи Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭеилакы ахантәаҩи русеицура аԥеиԥш иалацәажәеит