Аԥсны

Аслан Бжьаниа Уфаҟа днеит

Аԥсуа делегациа Башкириа аусутә еиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит ԥхынгәы 15 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Башкириа аҳҭнықалақь Уфаҟа днеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Муста Карим ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҟны Аслан Бжьаниа хаҭала диԥылеит Башкортосҭан ахада Радии Хабиров.

Башкортосҭан рыҟазаара иалагӡаны Бжьаниеи Хабирови аекономикеи, атуризми, аинвестициеи рызҵаарақәа рыла аиҿцәажәарақәа еицымҩаԥыргоит.
Атәыла ахада ида аԥсуа делегациа иалоу Жәлар Реизара аиҳабы, атуризм аминистр, Очамчыра араион ахада, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, ахада иабжьагаҩ русутә ныҟәара иалагеит ԥхынгәы 10 рзы. Аԥсуа делегациа аханатә иаҭааит Ҭаҭарсҭан, уи ашьҭахь Башкортосҭанҟа амҩа иқәлеит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Ҭаҭарсҭан имҩаԥигоз иусутә еилацәажәарақәа хиркәшеит