Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина қьырала еибашьуа рсиақәа шамоу

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра изныкымкәа Украина қьырала еибашьуа ргәы рҽаннаҵахьеит Украина аганахь имеибашьларц, жәларбжьаратәи агуманитартә зин иахьазымыхьчо азы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа рыжәлақәа шазгәанаҭо, рсиақәа шамоу. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа аофициалтә Telegram-канал аҿы.
Қьырала Украина еибашьуаз аҳәаанырцәуаа рхыԥхьаӡара хымчыбжь рыҩныҵҟа акыр еиҵахеит: 3221-ҩык рҟынтәи 2741-ҩык рҟынӡа, уи Донецки Лугански ареспубликақәа рмилициеи ржәылара ӷәӷәақәа ирыбзоурахеит, аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҵыхәтәантәи ахымчыбжь рыла иааз 151-ҩык шракәугьы иҭахаз 391-ҩык ыҟоуп, аҽа 240-ҩык Украина аанрыжьит.
Аминистрраҿы ирҳәоит урҭ реиҳараҩык Польшантәи ишааз. Иҭадырхахьеит 166-ҩык аполиак еибашьцәа, 50 қырҭуа еибашьцәа, 23-ҩык Британиа ду аибашьцәа, 21 румеибашьцәа, 15-ҩык канадаа. Атәылахьчара аминистрраҟны иазгәарҭеит, дара Украина аҵакырахь иааиаанӡа рхаҭарақәа шырдыруа.
Путин Украина ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра рыҭара ирмариеит
Ԥхынгәы 6 азы Украинаҟа иааит британиаа: Колин Скоти Адриан Девиси, америкаа: Маикл Вуикович, Ендриу Фокс, Оливер Шорт.
Жәларбжьаратәи агуманитартә зин нормақәа инарықәыршәаны қьырала еибашьуа комбатантцәаӡам, азинтә хьчара иаҵанакӡом, дара рыҭҟәар- ашьауӷатә ус иаҵанакуеит.
ДЖәР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьра рықәнаҵеит қьырала еибашьуаз хҩык: Британиа атәылауаа ҩыџьеи Марокко атәылауаҩи.