Путин Украина ауааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра рыҭара ирмариеит

© Sputnik / POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел совещание по развитию дорожного строительства
Президент РФ В. Путин провел совещание по развитию дорожного строительства - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.07.2022
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 25 рзы ДЖәР-и ЛЖәР-и, иара убас Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа руааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Владимир Путин.
АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин атәылауаҩра ирмарианы аиуразы инапы зҵеиҩыз аусԥҟа Украина ауааԥсырагьы аҵанакырц амчра ирҭбааит, абри атәы аанацҳауеит азинтә информациа аофициалтә портал.
Уажәаԥхьа ари аҩыза азин рыман Херсонтәии Запорожиетәии аобластқәа, ДЖәР-и ЛЖәР-и рҟны инхоз украинауаа.
"Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩразы" азакәан 14 ахәҭа 8 ахәҭаҷ инакәыршәаны Украина, Донецктәи Жәлар рреспубликеи Лугансктәи Жәлар рреспубликеи руааԥсыреи, атәылауаҩра змам ахаҿқәеи иааԥмырҟьаӡакәа Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа рҟны инхо Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы арзаҳал алырҵар рылшоит", - аҳәоит аусԥҟа аҟны.
Аусԥҟа нагӡахоит лаҵара 31 2002 шықәсазы №62-ФЗ ирыдкылаз Афедералтә закәан 14 ахәҭа 8 ахәҭаҷ инақәыршәаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0