Аԥсны

500 рҟынӡа алақәеи ацыгәқәеи дрыцқьоит Гагра араион аҿы

Хымз раԥхьа Гагра араион аҿы иалагеит алақәеи ацыгәқәеи ррыцқьараз акциа. Абри аамҭала аоперациа рзырухьеит 62 леи 18 цгәи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik, Бадри Есиава. Ашықәс нҵәаанӡа 500 рҟынӡа алақәеи ацыгәқәеи дрыцқьоит Гагра араион аҿы ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аԥстәқәа рыхьчараз афонд "Багиреи" алақәа раанкыларҭа "Топеи" рнапхгаҩы Саида Оҭырԥҳа.
Лара илҳәеит акциа хымз раԥхьа ишалагаз, атәылаҿ аиԥш зеиԥшу акциа ду ҟамлацт.
"Асеиԥш иҟоу акциақәа хышықәсоуп еиҿаҳкаауеижьҭеи, аха уажәтәи еиҳа инарҭбаауп. ПРООН агрант ахархәарала иҳагәҭакуп 500 ԥстәы ррыцқьара, аҩнтәиқәа реиԥш ԥшәыма дызмамгьы. Аоперациа хәыда-ԥсадоуп. Ахарџьқәа ҳхахьы иаагоит", - лҳәеит Оҭырԥҳа.
Аԥстәқәа рыхьчаҩ лажәақәа рыла, аоперациа Гагра аветхәшәтәырҭаҿы имҩаԥысуеит. амедусзуҩцәа аиҿкаара иазоунашьҭыз аԥарақәа рҟынтәи есымза аԥара рзыршәоит.
Аԥсны
Иԥшәымадоу алақәа рзы ахкыдкыларҭа аадыртит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан
Оҭырԥҳа илҳәоит асеиԥш иҟоу аоперациақәа аамҭа-аамҭаала иҟаҵалатәуп ҳәа. Лара лгәаанагарала, ирацәаҩуп ари аус иадгылоу, аха иҟалоит ауаа ԥарала ианеиқәшәам. Анаҩс аԥстәқәа ҿиоит, ирхылҵыз реиҳаракгьы амҩа ианхалоит.
"Аҩнтәи аԥстәқәагьы хәыда-ԥсада ррыцқьара ҳадгылоит, рыԥшәмацәа рхала ҳара иаҳзааргозар. Ҳара акциа анҭыҵгьы аԥстәқәа ҳрыцқьоит", - лҳәоит лара.
Хымз раԥхьа Гагра араион аҿы иалагеит алақәеи ацыгәқәеи ррыцқьараз акциа. Абри аамҭала аоперациа рзырухьеит 62 леи 18 цгәи.
Арадио
Кәыр-иԥа еиҭеиҳәеит иаԥшәымадоу алақәеи Аҟәа иалоу арахәи аус шрыдыруло атәы
"Ауааԥсыра абри апроблема аӡбара иахьадгылаз угәы иахәоит. Амаҵзура ахә ззымшәоз уажәы еигәырӷьаны иаҳзааиуеит. Заанаҵ рҽанырҵоит. Ҳгәыӷуеит арҩашьыга аиуразы еиԥҟьарак ҟаларым ҳәа", - лҳәоит Оҭырԥҳа.
Аусура иаԥырхагахеит акоронавирус апандемиа, аамҭала арҩашьыга аиура уадаҩхеит, мамзаргьы ахә шьҭыҵит. Ахәшәқәа ҳара ҳамчала ԥшаатәыс ианҳауа ҟалалоит лҳәеит Оҭырԥҳа.
Аԥсны
Питертәи автобусқәа иҭынхадоу Аԥснытәи алақәа рсахьақәа рынҵаны иныҟәоит