https://sputnik-abkhazia.info/20220218/kyr-ia-eieieit-iashymadou-alaei--aa-ialou-arakhi-aus-shrydyrulo-aty-1037650513.html
Кәыр-иԥа еиҭеиҳәеит иаԥшәымадоу алақәеи Аҟәа иалоу арахәи аус шрыдыруло атәы
Кәыр-иԥа еиҭеиҳәеит иаԥшәымадоу алақәеи Аҟәа иалоу арахәи аус шрыдыруло атәы
Sputnik Аҧсны
Аҟәа анапхгара рыбзоурала иаарту иԥшәымадоу алақәа рыԥхьарҭаҟны аусура шеиҿкаау атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь амуниципалтә усбарҭа... 18.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-18T15:51+0300
2022-02-18T15:51+0300
2022-02-18T15:51+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/12/1037650482_0:0:2001:1125_1920x0_80_0_0_6c8f9d61b5da8b504cb8ec0333b545e3.jpg
Кәыр-иԥа еиҭеиҳәеит иаԥшәымадоу алақәеи Аҟәа иалоу арахәи аус шрыдыруло атәы
Sputnik Аҧсны
Кәыр-иԥа еиҭеиҳәеит иаԥшәымадоу алақәеи Аҟәа иалоу арахәи аус шрыдыруло атәы
Иԥшәымадоу алақәа рзы ахкыдкыларҭа аадыртит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан.Ахкыдкыларҭа ргылан ақалақь анапхгара рыбзоурала, убри аҟнытә иахәҭоу зегь рылагьы еиқәнаршәоит. Иазԥхьагәаҭоуп иԥшәымадоу алақәа мчыбжьык ахь знык ма ҩынтә еизганы уахь рнагара."Ақалақь иалоу алақәа уаанӡагьы аус рыдаҳулон, аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ауаажәларратә еиҿкаареи акалақь ахадареи еицхырааны алақәа рзы ахкыдкыларҭа еиҿыркааит. Жәамш ҵуеит ари аус ҳалагеижьҭеи. Иҟоуп аҷкәынцәа ақалақь иалоу алақәа кны уахь ихазгало. Уа ауаажәларратә еиҿкаара иалоу алақәа еиқәдыршәоит афатә ахьрырҭо, иахьҭаркуа уҳәа рыла. Есыҽны амшын агаҿа, ма егьырҭ ақалақь ахәҭақәа рҟны иҟоу алақәа ҳрыхәаԥшуеит, иҟоуп ауаагьы адырра анҳарҭо. Анаҩс ҳусуцәа неины игәарҭоит аҭагылазаашьа шыҟоу, нас алақәа кны ахкыдкыларҭа ашҟа ихаҳгалоит. Иахьазы 50-90 рҟынӡа алақәа рыдыркылар рылшоит, аха арҭ аҭыԥқәа азхаӡом. Хәыҷы-хәыҷла азнеира аҭаххоит аҭыԥ арҭбаара азҵаара. Арҭ ауадаҩрақәа аус рыдуулар, ахылаԥшара амазар, иманшәалахоит ҳәа сгәы иаанагоит, амала аамҭа аҭахуп", - иҳәеит Кур-иԥа.Иара иазгәеиҭеит иаԥшәымадоу алақәа рнаҩсгьы ақалақь иалоу арахәгьы аус шрыдыруло атәы.Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/12/1037650482_0:0:1905:1429_1920x0_80_0_0_b9a26f6be0b2e3d21d5f4ad2aff24ee6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Кәыр-иԥа еиҭеиҳәеит иаԥшәымадоу алақәеи Аҟәа иалоу арахәи аус шрыдыруло атәы
Аҟәа анапхгара рыбзоурала иаарту иԥшәымадоу алақәа рыԥхьарҭаҟны аусура шеиҿкаау атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь амуниципалтә усбарҭа "Ааиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кур-иԥа.
Иԥшәымадоу алақәа рзы ахкыдкыларҭа аадыртит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан.
Ахкыдкыларҭа ргылан ақалақь анапхгара рыбзоурала, убри аҟнытә иахәҭоу зегь рылагьы еиқәнаршәоит. Иазԥхьагәаҭоуп иԥшәымадоу алақәа мчыбжьык ахь знык ма ҩынтә еизганы уахь рнагара.
"Ақалақь иалоу алақәа уаанӡагьы аус рыдаҳулон, аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ауаажәларратә еиҿкаареи акалақь ахадареи еицхырааны алақәа рзы ахкыдкыларҭа еиҿыркааит. Жәамш ҵуеит ари аус ҳалагеижьҭеи. Иҟоуп аҷкәынцәа ақалақь иалоу алақәа кны уахь ихазгало. Уа ауаажәларратә еиҿкаара иалоу алақәа еиқәдыршәоит афатә ахьрырҭо, иахьҭаркуа уҳәа рыла. Есыҽны амшын агаҿа, ма егьырҭ ақалақь ахәҭақәа рҟны иҟоу алақәа ҳрыхәаԥшуеит, иҟоуп ауаагьы адырра анҳарҭо. Анаҩс ҳусуцәа неины игәарҭоит аҭагылазаашьа шыҟоу, нас алақәа кны ахкыдкыларҭа ашҟа ихаҳгалоит. Иахьазы 50-90 рҟынӡа алақәа рыдыркылар рылшоит, аха арҭ аҭыԥқәа азхаӡом. Хәыҷы-хәыҷла азнеира аҭаххоит аҭыԥ арҭбаара азҵаара. Арҭ ауадаҩрақәа аус рыдуулар, ахылаԥшара амазар, иманшәалахоит ҳәа сгәы иаанагоит, амала аамҭа аҭахуп", - иҳәеит Кур-иԥа.
Иара иазгәеиҭеит иаԥшәымадоу алақәа рнаҩсгьы ақалақь иалоу арахәгьы аус шрыдыруло атәы.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.