Аԥсны

Қьалышьбеи Чачба иҭынха иазку алекциа мҩаԥгахоит астанциа "Гәыма" аҿы

Аԥсны аҳ Қьалышьбеи Чачба диит 1747 шықәсазы. Аҳра иуан ХVIII ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы. Иара Аԥсны аҭоурых аҿы ашьҭамҭа ду аанижьит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 12 – Sputnik. Қьалышьбеи Чачба иҭынхеи Аҟәатәи абаа иаанарԥшуа археологиатә беиара иазку алекциа мҩаԥгахоит астанциа "Гәыма" аҿы ԥхынгәы 17 рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра.

Азыӡырыҩцәа аҭоурыхтә фактқәа ддырдыруеит ААУ аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиеи аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра арҵаҩы хада, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Џьамбул Инџьгиеи.

Алекциа иалагоит асааҭ 18:00 рзы.
Алекциа адагьы асасцәа ирыдгалахоит ААУ астудентцәа Қьалышьбеи Чачба изку русумҭақәа. Алик Габелиеи астудентцәеи аҭҵааратә усумҭақәа мҩаԥыргеит Аԥсны аҳ джуп ҳәа агәаанагара ахьыҟоу аҭыԥ аҿы.
Арадио
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Габелиа Қьалашьбеи Чачба иԥсыжырҭа аԥшааразы ажрақәа ирызкны
1808 шықәса лаҵара 2 рзы иара Аҟәатәи абаа аҿы дҭадырхоит. Аԥсны Ҭырқәтәыла ампыҵхразы иара Урыстәылатәи аимадарақәа бжьеиҵо далагеит. Аҭоурыхҭҵааҩцәа ҩ-версиак рымоуп иҭахашьазы. Актәи ала Қьалышьбеи Ҭырқәтәыла зыдгылаз иԥеиҳабы Асланбеи инапаҟынтә дҭахеит, аҩбатәи аверсиала - Урыстәыла зыдгылаз иԥеиҵбы Сафарбеи инапаҟынтә дҭахеит.