Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Габелиа Қьалашьбеи Чачба иԥсыжырҭа аԥшааразы ажрақәа ирызкны

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Габелиа Қьалашьбеи Чачба иԥсыжырҭа аԥшааразы ажрақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳ Қьалашьбеи Чачба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет адекан, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алик Габелиа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҳ ихаҿра иадҳәалоу амаӡақәа ртәы.
Қьалашьбеи Чачба иаамҭа даара акыр аҵанакуеит, Аԥсны иазышәарыцуаз рацәан, ирацәан атәыла аҩнуҵҟа еиҿагылоз амчқәагьы. Аҳра аниоу Аԥсны ахьыԥшра иҵигар акәын, иҟаиҵазгьы даара ирацәоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы аҭоурыхҭҵааҩ.
Алик Габелиа иҳәеит, аҭоурыхҭҵааҩцәа Қьалашьбеи Чачба ишьра иадҳәалоу агәаанагарақәа ртәы. Хықәкыла, иҳаҭгәын аԥшаара аус атәы дазааҭгылеит, анаҩс иԥсыбаҩ шаку ашьақәыргыларазы лшарақәас иҟоу ртәы иҳәеит.
Аҭоурыхҭҵааҩ арадиоефир аҿы иазгәеиҭеит, Қьалашьбеи Чачба еиԥш иҟоу ауаа ҳхашҭыр шиашам. Иара ихьӡ зҳәо мҩак, школк шыҟам, уи риашатәуп иҳәеит Габелиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0