Аԥсны

Аԥсни Башкортосҭани русеицура амҩақәа азгәарҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкортосҭан иҟоуп ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Уфа имҩаԥысит инарҭбаау аилацәажәара Аԥснытәи аделегациа алахәылацәеи Башкортосҭан Аиҳабыреи Апарламент адепутатцәеи алахәны. Аилацәажәара мҩаԥыргеит Башкортосҭан ахада Ради Хабирови Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Арегион ахада Ради Хабиров иазгәеиҭеит Аԥсни Башкортосҭани аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьоижьҭеи акыршааҵуа.
"Ииасыз ашәышықәса 20-тәи ашықәсқәа раан Поволжие амлакра аныҟаз Аԥсны ҳреспублика фатәы-жәтәыла иацхраауан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны рҽырхәышәтәуан ҳтәылауаа. Уи аҭакс Уфа амҩақәа руак Абхазскаиа ахьӡырҵеит", – иҳәеит Хабиров.
Бжьаниа иҳәеит аԥснаа рацәаҩны асовет аамҭазы Уфа аҵараиурҭақәа ишрылгаз, 2010 шықәсазы Аҟәеи Уфеи ақалақь-еишьцәа ҳәа рыҽшеизааигәартәыз.
"Уажәы аҳәынҭқаррабжьаратә ҩаӡарала азакәанԥҵаратә процессқәа еиԥшнаҳшьалоит, адәныҟаекономикатә еимадарақәа еиҳа рҭышәныртәаларазы", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсни Башкортосҭани русеицура амҩақәа азгәарҭеит
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны азыхиоуп аимпортԥсахрази атуризм ази урыстәылатәи апрограмма аҽалархәра. Ари иацхраауеит 2024 шықәсазы иаадыртраны иҟоу Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза. Уи адагьы, Аԥсны азыхиоуп Амшын еиқәа аҿықәан ахәыҷтәы санатори аргыларазы аҭыԥ алхра иҳәеит иара.
Аԥсны
Бжьаниеи Башкортосҭан ахада Хабирови еиԥылеит
Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров иазгәеиҭеит ареспубликақәа аекономикатә еимадарақәа рзы аԥеиԥш шрымоу. Иара иҳәеит Башкортосҭан 128 тәыла аус рыцнауеит ҳәа, адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 2021 шықәсазы 4,5 млрд доллар ишахысыз. Убри аҿы Аԥсны ахәҭа 14,6 млн доллар роуп иҟоу.
"Ҳреспублика логистикатә центрны иҟалар алшоит Аԥснытәи атауарқәа Урали Поволжиеи арегионқәа рахь рынашьҭразы. Убри аан ҳқыҭанхамҩатәи ҳааглыхратәи аалыҵқәа Аҟәаҟа инаҳашьҭыр ҳалшоит", - иҳәеит Назаров.
Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәбеи Башкортосҭан Аҳәынҭқарратә еизара – Курултаи ахантәаҩы Константин Толкачиови апарламентбжьаратә еинырра азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Анаҩс Башкортосҭан Бурзиансктәии Мелеузовсктәии араионқәеи Аԥсны Гагратәии Очамчыратәии араионқәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра мҩаԥысит. Арҭ аиқәшаҳаҭрақәа адәныҟаекономикатә еимадарақәа дырӷәӷәалоит.
Ради Хабиров Аслан Бжьаниа Ажәларқәа реиҩызара аорден ианеишьеит ареспубликақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәаразы. Бжьаниа Башкортосҭан аделегациа Аԥсныҟа иааиԥхьеит.
Аԥсны
Бжьаниа Уфа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Аиҩызара амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рҿаԥхьа