Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниеи Башкортосҭан ахада Хабирови еиԥылеит

© Foto / пресс - служба Президента РА Состоялась встреча Президента Абхазии Аслана Бжания и Главы Башкортостана Радия Хабирова
Состоялась встреча Президента Абхазии Аслана Бжания и Главы Башкортостана Радия Хабирова - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкириа аҳҭнықалақь ахь инеит ԥхынгәы 12 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Уфа имҩаԥысит Башкортосҭан ахада Ради Хабирови Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәара азҵаарақәа.
Башкортосҭан ахада, исас аԥсшәа иаҳәо, иазгәеиҭеит аԥсуа-башкириатә еизыҟазаашьақәа рыҿиара алшара ду шамоу, ҷыдала ақыҭанхамҩеи атуризми рганахьала.
"Ҳара ҳзы иҳаҭыруп аԥснытәи аделегациа Башкортосҭан шәыҟазаара. Шәара аамҭа уадаҩқәа рҿаԥхьа зхы лазмырҟәыз ҳаиашьаратә жәлар ҳәа шәҳаԥхьаӡоит. Ҳаизыҟазаашьақәа аидгылареи аиҩызареи рыла ирӷәӷәоуп. Сақәгәыӷуеит ҳреспубликаҿ шәыҟазаара аидеиа ҿыцқәа жәпакы шәызцәырыргап ҳәа", - иҳәеит Хабиров.
Бжьаниа аҭакс арегион анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны ажәлар ирзыҟарҵо ацхыраареи адгылареи рзы.
"Еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан Башкортосҭан ҳазҵаарақәа рыӡбараз акыр ацхыраара ауит. Иахьагьы иаҳныруеит ҳара ҳахь ишәымоу агәыбылыра. Ҳҿар шәҵараиурҭақәа рҿы адыррақәа роуеит. Ҳара ҳазыхиоуп егьырҭ ахырхарҭақәа рылагьы аинырра", - ҳәа иҳәеит иара.
Абхазская делегация возложила цветы к Монументу Дружбы и Памятнику Салавата Юлаева - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Аԥсны
Бжьаниа Уфа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит Аиҩызара амонументи Салават Иулаев ибаҟеи рҿаԥхьа
Иацы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкириа аҳҭнықалақь ахь инеит. Урҭ ара иҟазаауеит ԥхынгәы 15 рҟынӡа. Имҩаԥысраны иҟоуп Ради Харибовы дареи реиԥылара, ааглыхратәии асоциалтәии обиектқәа рҭаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0