АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьар мчқәа Украина аоперациа ҷыда шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит, аӷа ацәыӡ дуқәа имоуп ҳәа азгәанаҭоит аминистрра есыҽнытәи адырраҭараҿ.
Николаев аӷбаргыларатә зауад аҵакыраҿы аракетақәа рыла иҭархоуп УАМ аруаа 350-ҩык, аибашьыга техника 20 ак аоператив-тактикатә гәыԥ "Каховка" арезерв аҟынтә.
Икылкааны иреихсны ааха рыҭоуп Николаев мрагыларатәи ахәҭаҿы 59-тәи амотошьаҟатә бригада артдивизион агыларҭеи 70-ҩык инарзынаԥшуа УАМ артиллериатә ҟәшақәа рыруааи, зхала иныҟәо агаубицақәа 2С1 "Гвоздика" жәаба, автомабилтә техника жәаба.
Харьковтәи аобласти аҿы инырҵәоуп адиверсантцәа ргәыԥ - хәҩык аҭыԥ аҿы ишьуп, жәаҩык – ҭҟәоуп.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла ааха рыҭоуп: Николаевтәи аобласт Березнеговатое аиланхарҭаҿ акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа ҩба, Северск аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, УАМ 60-тәи амеханизациатә бригада акәылӡтехникақәа быжьба (Белогорие, Запорожиатәи аобласт).
Аоператив-тактикатә авиациеи аракетатә ари ааха рырҭеит: 11 напхгараҭаратә ҭыԥ, 120 раион рҿы артиллериа агыларҭақәа, 123 раион рҿы – аруааи аибашьыга техникеи.
Урыстәылатәи аҳаирплан аҳауаҿ х-ҳаирпланк канажьит, ПВО Су-25 карыжьит.
ПВО иара убасгьы аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәба ҭадырхеит, абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" хәба рыԥырра еиԥырҟьеит, аҳауаҿ иԥыржәеит ареактивтә система "Ураган" ахгәыцәқәа 18.