Аԥсны

Аԥсни Башкортосҭани жәантә ртауареикәыршара шьҭырхырц рҭахуп

Атәыла ахада Аслан Бжьаниа напхгара ззиуа аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Ареспублика Башкортосҭан иаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аԥсни Башкортосҭани жәантә ртауареикәыршара шьҭырхырц рҭахуп ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров.
"Иахьазы ҳреспубликақәа рыбжьара иҟоу атауареикәыршара - 14,5 миллион доллар итәоит. Аха ҳара, ҳәарада, уи акәым иаҳҭаху. Иҳалшаша еиҳа ирацәоуп. Аԥсни Башкортосҭани жәантә ртауареикәыршара шьҭаҳхырц ҳҭахуп", - иҳәеит Назаров.
Иара иажәақәа рыла, иахьа Башкортосҭан Аԥсныҟа иаанашьҭуеит анефҭ-химиатә аалыҵ, аха арегион аҿы аҿиара рымоуп ақыҭанхамҩеи ааглыхреи.
"Аԥсныҟа инаҳашьҭша рацәаны иҳамоуп, ақыҭанхамҩатә аалыҵ, ааглыхратә аалыҵ уҳәа ирацәаны. Ҳара иҳаур ҳҭахуп ацитрусқәа, ашәыр, ауҭраҭых", - иҳәеит Башкортосҭан аԥыза-министр.
Аԥсны иара убасгьы аинтерес аҵоуп туристтә тәылак аҳасаб ала. Назаров иажәақәа рыла, ареспублика алшарақәа ҳаракуп аԥсабареи аҳауеи рганахьала.
"Уажә уа иаԥышәҵо аинфраструктура хара имгакәа ҳара ҳаиԥш урыстәылаа зегь ирҭаху аҩаӡарахь ихалоит", - иҳәеит Назаров, иагьациҵеит Башкортосҭан Аԥсны ауааԥсыра ишырзыԥшу.
Аԥсны
Аԥсни Башкортосҭани русеицура амҩақәа азгәарҭеит
Иахьазы ирацәаҩуп Башкортосҭан аҵара зҵо Аԥснытәи астудентцәа. Аха ареспублика иагәҭакуп еиҳагьы ари аус арҭбаара.
"Иахьазы ҳара ҳҿы абжьаратә ҵара аума иреиҳау аҵара аума рыҩаӡара ҳаракуп. Убри азы еиҳа инарҭбааны аусеицура ҳҭахуп. 1994 шықәса раахыс Аԥсни ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аус аауеит. Уажәы уи иҵегь ирцыхцыхтәуп", - иҳәеит Назаров.
Аԥсны
Аԥсны Урыстәылаҟа аҩы назышьҭуа атәылақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааннакылеит
Ԥхынгәы 12 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Башкириа аҳҭнықалақь ахь инеит. Урҭ уа иҟазаауеит ԥхынгәы 15 рҟынӡа. Имҩаԥысраны иҟоуп Ради Харибови дареи реиԥылара, ааглыхратәии асоциалтәии обиектқәа рҭаара.