Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҿы украинатәи аҳаирпланқәа ҩба карыжьит

Урыстәыла ахада Владимир Путин иажәақәа рыла, аоперациа ҷыда иахықәку Донбасс ахақәиҭтәреи Урыстәыла ашәарҭадараз аҭагылазаашьақәа раԥҵареи роуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 – Sputnik. Донецктәи Жәлар Рреспублика аҳауаҿы украинатәи аҳаирпланқәа ҩба карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Донецктәи Жәлар Рреспублика аҳауаҿы украинатәи аҳаирпланқәа ҩба карыжьит: Су-24 - аиланхарҭа Славианск ааигәара, МиГ-29 - Троицкое ааигәара", - аҳәоит адырраҭара.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетақәеи, артиллериеи рыла ааха рыҭоуп анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 19, 78 раион рҿы артиллериатә позициақәа, 232 раион рҿы УАМ аруааи атехникеи. Икылкаан ихысуа абџьар ала ааха рыҭоуп 35-тәи аршьаҟауаа рыбригада ргыларҭақәа, 54-тәи амеханизациатә бригада, 81-тәи аеромобилтә бригада, 109-тәи аҵакырахьчаратә бригада.
Иааидкыланы зықьҩык ауааԥсыреи аибашьыга техника 100 аки рҟынӡа ҭархоуп. ДЖәР аҿы ааха аҭоуп 14-тәи амеханизациатә бригада абаталион агыларҭа. Иҭархоуп 43-ҩык аибашьцәа, 170-ҩык хәуп.
Запорожиатәи аобласт аҿы урыстәылатәи авиациа УАМ амеханизациатә бригада 97-тәи абаталион иажәлеит. Иҭархоуп 30-ҩык амилаҭеилыхцәа, 37-ҩык хәуп. Аракетақәа "Калибр" рыла Запорожие ааха рыҭоуп ангарқәа рҿы игылаз УАМ 45-тәи артиллериатә бригада ареактивтә системақәа.
Уахык ала ааха рыҭан ишьаҟьоуп акомандаҟаҵарҭатә ҭыԥқәа ԥшьба, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥа, абылтәыҵәахырҭа, аибашьыга техникеи аруааи. Иҭархоуп РСЗО абатареита Славианск иахьаҵанакуа, РСЗО авзвод Николаевка иахьаҵанакуа, америкатәи агаубицақәа М-777 ралтиллериатә взвод Харьковтәи аобласт аҿы.
ПВО икарыжьит 12 дрон, рыԥырра еиԥырҟьоуп ҩ-баллистикатә ракетак "Точка-У", ареактивтә система "Ураган" ахгәыцәқәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина зхы иақәиҭыртәыз аҵакырақәа рҿы азеиԥш мчра шьақәыргылоуп