АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Украина зхы иақәиҭыртәыз аҵакырақәа рҿы амуниципалтә зеиԥш мчра шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
"Агуманитартәи административтәи дгыларала зых иақәиҭтәу аҵакырақәа зегьы рҿы иахьазы амуниципалтә мчреизак шьақәыргылоуп, фатәы-жәтәыла реиқәыршәара еиҿкаауп", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿы ирҳәоит ақалақьтә маҵзурақәеи аџьармыкьақәеи русура шеиҭашьақәыргылоу, аҭыԥантәи ауааԥсыра аруаа ишрыцхраауа аинфраструктура аиҭашьақәыргылараҿы, ишақәгәыӷуа аҭынч ԥсҭазаара азыхынҳәра.
Украина аоперациа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы. Урыстәылатәи ари ДЖәРи ЛЖәРи рмилициеи Лугансктәи Жәлар Рреспублика зегьи Мариуполь, Свиатогорск, Волноваха назлоу Донецктәи Жәлар Рреспублика ахәҭаки рхы иақәиҭыртәит.
Аоперациа ҷыда иахықәкы хадоуп Украина абџьархыхра, анацизм ақәхра, Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчара.