Аԥсны

Аԥсны ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа 13-ҩык акоронавирус рыдбалоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсны ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа 13 коронавирустә хҭыс ашәҟәы иҭагалоуп, пациентк Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҟны дышьҭоуп, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиа.
Лажәақәа рыла, ачымазара злаҽу еиҳагьы еиҳазар алшоит, аҵыхәтәантәи аамҭазы атест аҭаразы ахәшәтәырҭақәа ирыдҵаало атәылауаа рхыԥхьаӡара маҷуп.
"Ҳауаажәлар рыҽдырҭынчит, ковид ҳаԥсҭазаара иалҵит ҳәа иԥхьаӡаны, ашоура шрымоугьы асабрадақәа рхамҵакәа ауаажәларратә ҭыԥқәа ирҭаауеит. Аӡәырҩы анализқәа арҭар рҭахӡам. Ҳгәабзиареи ҳааигәа иҟоу ргәабзиареи ҳаиҷҳалароуп", - лҳәеит аҳақьым.
Аҿкы аарԥшразы атест арҭар ҟалоит аҿкчымазаратә хәшәтәырҭеи абаклабораториеи рҟны, иара убас Ареспубликатә хәшәтәырҭаҟны.
Арҷелиа лажәақәа рыла, Агәабзиарахьчараз адунеизегьтә еиҿкаара аҟны иазгәарҭеит аҿкы зыдбалоу рхыԥхьаӡара 30% ишазҳаз, ус акәзар мчыбжьқәак рнаҩс Аԥсны аҿкы аҽышьҭнахыр алшоит.