Аԥсны

Урыстәыла аенергетика аминистрраҟны Аԥсны афымцамч азымхареи абылтәы ахәԥсеи ирылацәажәеит

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа арҭ амшқәа рзы аусутә еилацәажәарақәа рзы Москва дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа Урыстәыла аенергетика аминистрраҟны ҩ-еиԥыларак мҩаԥылгеит.
Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки лареи иазааҭгылеит афымца ахархәара хылаԥшра азҭо амаругақәа рықәыргылара азҵаара ахьынӡанагоуи, ахарџь шаҟа иартәоуи.
Иара убас аиԥылараҿы иалацәажәеит аӡынра аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа: афымцамч шаҟа аҭаххо, азымхара ҟалар иарбан мҩақәоу иазыԥшаахо. Уи адагьы, аганқәа алацәажәеит АҲ "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларазы иҟоу алшарақәа.
Аԥсны
Кристина Озгани Урыстәыла Аихамҩақәа рдиректор хадеи еиԥылеит
Урыстәыла аенергетика аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Павел Сорокини Кристина Озгани абылтәы ахәԥса Урыстәылеи Аԥсни ишышьақәгылоу иазкны азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.
Кристина Озган имҩаԥылго аусуратә еиҿцәажәарақәа ашәахьа ирыцҵахоит.