Аԥсны

Сергеи Багаԥшь игәалашәаразы амҵәышәымпыл азы акубок 3х3 мҩаԥгахоит Пицунда

Амҵәышәымпыл асҩцәа рыхәмаррақәа мҩаԥыргоит апансионат "Литфонд" астадион аҟны, уи жәларбжьаратәи аԥҟарақәа ирықәшәоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәаразы амҵәышәымпыл азы атурнир 3х3 мҩаԥгахоит ԥхынгәы 22-23 рзы Пицунда, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.
Ахәмаррақәа ҩ-етапкны еихшоуп, урҭ ирылахәхоит ахәыҷқәеи адуцәеи ркомандақәа.
Ахацәа ркомандақәа рыбжьара аиааира згаз Тула имҩаԥгахо адивизион афинал "Лига Регион" ахь ишьҭхоит. Иара убас аиааира згази аԥхьахә ҭыԥқәа ирыԥсахази иҷыдоу аҳамҭақәа ранашьахоит.