АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Аҟәа араионқәа ӡрыжәтәда иаанхоит аҩаша ԥхынгәы 19 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аӡы аанкылахоит Кәыдрытәи амҩаду, Синоп, Турбаза, Аԥсилаа, Аишьцәа Занҭариаа, Ҷанба рымҩақәа, Ӡыгәҭа ақыҭан.
"Аӡыршьҭра" ишазгәанаҭо ала, аӡы аанкылахоит Чехови Ладариеи рымҩақәа реихысырҭаҿы аремонттә усурақәа ахьымҩаԥгахо иахҟьаны.