Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҿы "аҳәаанырцәтәи алегион" ҭархоуп

Украина аганахьала еибашьуеит аҳәаанырцәуаа маҷымкәа, еиҳарак Польша, Канада, ЕАА, Қырҭтәыла рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы "аҳәаанырцәтәи алегион" ҳәа изышьҭоу, қьырала еибашьуа ргыларҭа ҭыԥ ааха аҭан ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иҭархоуп 250-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцә еибашьцәа, акәылӡтехника – 7, автомашьына ҷыдақәа 12. Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетақәеи, артиллериеи рыла ааха рыҭоуп: анапхгараҭаратә ҭыԥқәа 14, Николаев араион аҿтәи 28-тәи амеханизациатә бригадагьы абрахь иналаҵаны, Запорожиатәи аобласт Новоалександровка аҟны 15-тәи амото-шьаҟатә бригада 15-тәи абаталион, Покровское аиланхарҭаҿ 60-тәи ашьаҟауаа рыбригада иара убасгьы УАМ ари аибашьыга техникеи 286 раион рҿы.
Иара убасгьы иҭархоуп зхала иныҟәо ашьақәгыла "Бук-М1", аракета-артиллериатә бџьар ашьҭаҵарҭақәа хԥа (ДЖәР), абылтәыҵәахырҭа (Запорожиетәи аобласт).
Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Песчаное, Червоныи Оскол, Липца – Харьковтәи аобласт, Корсунь – Донецктәи Жәлар Рреспублика, Новокаменка – Херсонтәи аобласт рҿы. Еиԥырҟьоуп ареактивтә система "Ураган" ахыҭҟьарақәа аиланхарҭа Стаханов аҿы - ЛЖәР.
Икылкаан ихысуа абџьар ала ааха рыҭоуп УАМ аҵакырахьчаратә 118-тәи абаталион агыларҭа, иҭархоуп 6-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, ареактивтә система амашьынақәа ҩба, артиллериатә хархәагақәа ԥшьба – Черкассктәи аобласт. Ааха рыҭоуп аешелонқәа ргыларҭа, иҭархоуп ареактивтә система "Градқәа" 10, акәылӡтехникақәа быжьба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу агәыԥ "Восток" адҵа риҭеит УАМ ахара ихысуа абџьар ааха рырҭаларц
Ареактивтә артиллериа иҭадырхеит украинатәи авертолиотқәа Ми-8 (ҩба), Новыи Донбасс аиланхарҭа. Иҭархоуп ареактивтә система "Ураган" ашьақәгылақәа ҩба - Предтечино, зныкҟьара ихысуа ареактивтә система "Град" х-взводк, агаубицақәа "Гиацинт-Б" 14 артиллериатә взвод - Донецктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭақәа Северск, Верхнекаменское, Серебрианка, Дроновка, Звановка рҿы.
Арратә операциа иалагазар ааха рыҭоуп: 257 ҳаирплан, 1342 вертолиот, 1564 аԥырҩы дызҭам аппарат, 356 зенит-ракетатә комплекс, 4099 танк, 759 реактив-систематә машьынақәа, 3157 артиллериеи минаршәгеи рыхгәыцәқәа, 4392 ак аибашьыга автомобилтә техника.