Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

НАТО Финлиандиа абазақәа аргылар, Урыстәыла уи иахәҭоу аҭак ҟанаҵоит иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ

Финлиандиеи Швециеи Аҩада-Атлантикатәи алианс алалара рыгәҭакуп, уи дара ршәарҭадара иахәарҭоуп ҳәа иахәаԥшуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. НАТО Финлиандиа абазақәа аргылар, Урыстәыла ахатә шәарҭадара аиҿкааразы ауснагӡатәқәа аднакылар акәхоит ҳәа Россия 24 аефир аҿы иҳәеит Финлиандиа иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Кузнецов.
"Финлиандии аҵакыраҿы НАТО аинфраструктура - арратә базақәа, ажәыларатә абџьар, аракетатә комплексқәа уҳәа рҩызцәа дыргылар, Урыстәыла ашәарҭадара аиҿкааразы ауснагӡатәқәа аднакылар акәхоит", – иҳәеит иара.
Адипломат деигәыӷуеит финтәи аусбарҭақәа асеиԥш аҭагылазаашьа аҿиара иара Финлиандиа ахаҭазы ишыбзиам еилыркаап ҳәа.
Уаанӡа Медведев иҳәахьан НАТО аҽырҭбаара иацнаҵар, урыстәылатәи аҳәаа аиҭарӷәӷәара аҭаххоит ҳәа.
Медведев ахԥатәи адунеизегьтә еибашьра иалагар залшо атәы иҳәеит