Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шоигу агәыԥ "Восток" адҵа риҭеит УАМ ахара ихысуа абџьар ааха рырҭаларц

Урыстәыла Атәылахьчара аминистр, ар реинрал Сергеи Шоигу Украина аоперациа ҷыда мҩаԥызго ар ргәыԥ "Восток" гәеиҭараз даҭааит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистр, ар реинрал Сергеи Шоигу агәыԥ "Восток" адҵа риҭеит Донбасс аҭынч уааԥсыра, ача ахьылоу амхқәа, арыцҵәахырҭақәа ирықәкны ихысуа УАМ ахара ихысуа абџьар ааха шрыҭатәу аанацҳауеит аусбарҭа.
"Ар реинрал Сергеи Шоигу агәыԥ ажәыларатә лшарақәа шыӷәӷәоу атәы далацәажәо, акомандаҟаҵаҩ адҵа ииҭеит аӷа Донбасс аиланхарҭақәеи, ачарыцмхқәеи, арыцҵәахырҭақәеи дызларылахысуа аракетатәии артиллериатәии акылкааратә абџьар ааха раԥхьа иргыланы иқәырхларц", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Уаанӡа аминистр игәеиҭаразы дырҭаахьан агәыԥқәа "Юги" "Центри".