Аԥсны

2022 шықәса актәи азыбжаз Аԥсны иит 550-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. 2022 шықәса актәи азыбжаз Аԥсны иит 562-ҩык, урҭ рҟынтәи аҷкәынцәа – 283, аӡӷабцәа – 279, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Аԥсуаа – 341
Аерманқәа– 66
Ақырҭқәа – 63
Аурысқәа – 40
Егьырҭ амилаҭқәа – 52
Аԥсны аира аиҵахара атенденциа шыҟац иаанханы иҟоуп. 2020 шықәса актәи азыбжазы ареспубликаҿ иит 668 хәыҷы, 2021 шықәсазы - 611 хәыҷы.
Убри аан аԥсыҭбара аира аасҭа ҩынтәны еиҳауп. Аиустициа аминистрра адыррақәа рыла 2022 шықәса актәи азыбжазы Аԥсны ҿыц ииз ҳәа ашәҟәы иҭагалоуп 519-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит – 1166-ҩык.
2014 шықәсазы иԥсыз раасҭа ииз 537-ҩык рыла еиҳан. 2019 шықәсазы иизи иԥсызи реивых 34-ҩык ракәын иҟаз.