Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ЛЖәР амчрақәа Северск рнапахьы иааргеит

Донецктәии Лугансктәии рреспубликақәа рсуверенитет азханаҵеит Урыстәыла жәабран 21 азы. Ашәарҭадаратә хеилак изаамҭанытәим аилатәараҟны Владимир Путин абри азы аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Лугансктәи Жәлар Рреспублика амчрақәа Донецктәи аобласт ақалақь Северск рнапахьы иааргеит ҳәа иҳәеит ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Витали Киселев Актәи аканал аефир аҿы.

"Северск хылаԥшра аҳҭоит", — иҳәеит Киселиов.

Аминистр ицхырааҩ иҳәеит дшақәгәыӷуа Соледаргьы мышқәак рыла ахы ишақәиҭхо.
Северск 30 километр Лисичанск иацәыхароуп. Ақалақь ауааԥсыра 11 нызқьҩык ыҟоуп. Ԥхынгәы алагамҭаз ЛЖәР ахы иақәиҭтәын. Уажәы ДЖәР ахақәиҭтәра иаҿуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шоигу Путин изеиҭеиҳәеит ЛЖәР ахақәиҭтәразы аоперациа шымҩаԥысыз
Украина арратә операциа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи 144 дмшы ҵуеит. Иара иахықәкы хадоуп Донбасс ахақәиҭтәра.