Аԥсны

Узбекистан атәылауаҩ Аԥсны анаркотикқәа рыларҵәаразы иус ӡбоуп

Ахара здырҵо иаанкылараан идбалан 196 еилаҳәара иргәылаз 74 грамм инеиҳаны аметадон.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахара ихаранаҵеит Узбекистан атәылауаҩ Акмалжон Иусупжонов, закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа алаирҵәон ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Аӡбарҭа аӡбрала ахара здырҵо арежим ӷәӷәа иаҵанакуа ариашаратә колониаҿ 15 шықәса ахыгареи миллион мааҭ ахараԥсеи иқәҵоуп.

2022 шықәса лаҵара 10 азы аҭира иазырхиаз хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа Узбекистан атәылауаҩ Акмаджон Иусупжонов имырхит Аҟәатәи ААР ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа. Иара иаанкылараан идбалан 196 еилаҳәара иргәылаҵаз 74 грамм аметадон.
Иусупджонов иҳәеит WhatsApp ацҵала Ҭимур ҳәа захьӡу, идырым ауаҩы иҟынтәи анаркотикқәа ахьышьҭаз аҭыԥ азы адырра шиоуз. Иара, урҭ анаҩс Аҟәа амаӡашьҭаҵарҭақәа рыла иалаирҵәараны дыҟан.
Идбалаз анаркотик 74,85 грамм ыҟан. Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит.
Аԥсны
Узбекистан атәылауаҩ Аҟәа анаркотик рацәа идырбалеит