Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Узбекистан атәылауаҩ Аҟәа анаркотик рацәа идырбалеит

© Sputnik / Табылды Кадырбеков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРуки в наручниках
Руки в наручниках - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2022
Анапаҵаҩра
Агәҩара зызрымаз ауаҩы анаркотик "метадон" аахәан иман Аҟәа аларҵәаразы.
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аҭира иазырхиаз хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа Узбекистан атәылауаҩ Акмаджон Иусупжонов имырхит Аҟәатәи ААР ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Лаҵара 9 азы Иусупжонов даанкыланы амилициа рахь днаган аоперативтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараз. Урҭ рымҩаԥгараан иара идбалан 196 еилаҳәара згәылаз апакет еиқәаҵәа.
Аексперт-криминалистикатә центр адыррала аилаҳәарақәа иргәылаԥсаз анаркотикатә маҭәашьар "метадон" шакәыз шьақәыргылоуп, акапан 75 грамм иҟан.
Иусупджонов иҳәеит WhatsApp ацҵала идырым ауаҩы иҟынтәи анаркотикқәа ахьышьҭаз аҭыԥ шиоуз. Иара урҭ анаҩс Аҟәа амаӡашьҭаҵарҭақәа рыла иалаирҵәараны дыҟан. Маӡашьҭаҵарҭак аҟынтә 300 мааҭ иоуан.
Машины милиции Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР ашьаус хацнаркит анаркотикқәа закәаншьаҭада рымазааразы
Иусупджонов иганахь ала ашьаус хацыркуп Аԥсны АЗ 224 ахәҭаҷ, 3 ахәҭа апункт "в" ала (анаркотикатә маҭәашьар хыԥхьаӡара рацәала закәандарыла аахәара, амазаара, аҭираз амҩангара).
Лаҵара 12 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа иара иганахь ала аԥырҟәҟәаага аднакылеит – ҩымз иҭакра. Заанаҵтәи аусҭҵаарақәа мҩаԥысуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0