Аԥсны

Аконституциатә ӡбарҭа ажәалагала ҟанаҵеит Аӡбарҭа-информациатә система рзаларымгаларц

2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Аԥсны Аконституциатә закәан апроект "Аӡбарҭатә мчразы" Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Алагала ҿыцқәа иреиуан аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-информациатә система хымԥада ахархәара. Аларҵәара аҿҳәарақәа изныкымкәа инахахьеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аконституциатә ӡбарҭа Автоматикатә аӡбарҭа-информациатә система рыӡбарҭеиҿкаара иаларымгаларц аҳәара ҟанаҵеит Жәлар Реизара аҿаԥхьа. Абри атәы арадио Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Лиудмила Хоџьашвили.
"Ҳара ҳҟны иаҭахны изыҟои? Ҳара ҳус уи аҟара ирацәаӡам. Хәҩык ҳаҟоуп. Ҳаидтәаланы ҳус еицынаҳагӡоит - Аконституциатә закәан ахь аԥсахрақәа", - лҳәеит Хоџьашвили.
Арадио
Кәыҵниаԥҳа аӡбарҭақәа автоматизациатә системахь риагаразы: мап ацәаҳкуам, аха аамҭа аҭахуп
Лара лажәақәа рыла, Аконституциатә ӡбарҭаҿы Автоматикатә аӡбарҭа–информациатә система аламгалара аӡбарҭеиҿкаара алахәылацәа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи ирԥырхагам. Иара убри аан Автоматикатә аӡбарҭа–информациатә система ахархәара иазырхоу аԥарақәа маҷымкәа аекономиа рзухоит.
Автоматикатә аӡбарҭа–информациатә система – ари иаку технологиатә платформоуп, иахықәкы хаданы иҟоу аӡбаҩцәеи аӡбареиҿкаара алахәылацәеи релектронтә еимадара аиҿкаареи аӡбарҭатә система аҩаӡарақәа зегьы рыбжьара аелектронтә еимадара еиҿкаареи роуп.
2012 шықәсазы ихацыркыз аӡбарҭатә система аиҭакрақәа еиҳа ихадароу акәны аус адулара иалагеит аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-аинформациатә система. Аха иара ахархәара аҿҳәара изныкымкәа инахахьеит.
Аԥсны Апарламент аӡбараҭқәа рҿы АСИС асистема алагалара аҿҳәара инахеит