Аԥсны

Аслан Бжьаниа Агәыӡератәи апарк аҿы аргыларақәа рзы: апрокурортә ҭҵаара цоит

Рашәарамза алагамҭаз асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵит Агәыӡератәи апарк аҿы иԥырҟаз аҵла дуқәа ахьадырбоз авидео.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 21- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион аҿы имҩаԥысыз аиԥылараан иҳәеит Агәыӡера, Смецкои ипарк аҿы аргыларақәа азакәан иахьынӡақәшәо аҭҵаара ишаҿу изыхәҭоу азинхьчаратә усбарҭақәа.
"Апрокурортә ҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Анаҩс аӡбара рыдыркылоит", - иҳәеит иара.
Ахада иазгәеиҭеит аҭҵаара алкаақәа иааиуа амчыбжь азы ишеилкаахо.
Уаанӡа Агәыӡера ауааԥсыра ареспубликаҿы еиҳа зхыҵуа апаркқәа иреиуоу, 1904 шықәсазы еицырдыруа амеценат Николаи Смецкои ишьаҭаиркыз, акультуратә ҭынха иаҵарку апарк алакьысра иаҿагыланы иқәгылеит. СССР аамҭақәа раахыс апарк Аҟәатәи афизико-техникатә институт иаҵанакуеит.
Атәылауаа раԥшьгамҭатә гәыԥ ахада, Апарламент, Апрокуратура хада рахь ааԥхьара ҟарҵеит аргыларақәа ныркыларц, аҭоурыхтә парк еиқәдырхарц.
Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа иажәақәа рыла уи аҭыԥ апарк азона иаҵанакӡом, аибашьра ҟалаанӡагьы ахатәтәраҿы иҟан. Иара изныкымкәа аӡәы иҟынтә даҽаӡәы иахь ииасуа иааиуан, уажәы изхатәу арыцқьара нап алеикит.
Аԥсны
Гәылрыԥшь араион ахада 2022 шықәса фымз рыҩнуҵҟа аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит