АҞӘА, ԥхынгәы 21 – Sputnik. Владимир Путин иҳәеит ихырхарҭазаҵәу адунеи аамҭа ықәҵуа ишалагаз. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости, Астратегиатә аԥшьгамҭақәа рмаҵзура афорум "Аамҭа ҿыц азы аидеиа ӷәӷәақәа" аҟны ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы.
"Исуверентәу аҳәынҭқаррақәа роуп изылшо аҿиарамҩа иаша анылара, астандартқәеи аԥсҭазаара бзиеи аныҟәгашьазы егьырҭ рзы иҿырԥшыган аҟалара, атрадициатә доуҳа ахьчара, агуманисттә идеалқәа рыдгылара", - иҳәеит Путин.
Ахада уаанӡагьы иҳәахьан ЕААи Европеи рполитика атәылақәа рхатә милаҭтә интересқәа рыхьчара ишаԥырхагоу, иҟаҵәҟьоу мап ацәкуа аҭоурых амҩа ишангылоу. Дара ргәаанагарала, адунеи аҿы раҳра ҳәаак амам.
Петербургтәи жәларбжьаратәи аинформациатә форум апленартә еилатәараҿ Владимир Путин иҳәахьан "ахьтәы миллиард" атәылақәа, аиҳаракгьы ЕАА, ринтересқәа аԥыжәара рыманы ирыԥхьаӡоит, аҵыхәтәантәи ажәашықәса аҩнуҵҟа адунеи аҿы амчра змоу ацентрқәа шцәырҵыз рымбоушәа ҳәа.
Путин иҳәеит арҭ аобиективтә процессқәа, агеополитикаҿ ареволиуциатә, атектоникатә еиҭакрақәа, аглобалтә еиҭакрақәа аекономикаҿ, атехнологиаҿ, жәларбжьаратә еизыҟазаашьақәа рҿы ишцәырырго аԥыжәара зауша аҳәынҭқаррақәа, арегионқәа, урҭ ринтересқәа ҽмырба рзура уаҳа ишалымшо.