Аԥсны

АТОР: Аԥсны аԥсшьара зҭаху ҵыԥх иадкыланы рхыԥхьаӡара хынтә еиҳахеит

Аԥсны аотельқәеи асанаториқәеи рҿы нанҳәамза аиԥш цәыббрамзазгьы аҭыԥқәа рыԥшаара уадаҩхахьеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. 2022 шықәсазы Аԥсны аԥсшьара зҭаху 20-30% рыла еиҳахеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа асаит.
Аекспертцәа ргәаанагарала, уи зыхҟьаз атранспорт аганахьала иҟоу аманшәалароуп: Аԥсныҟа дәыӷбала, ӷбала, ҳаирпланла аара алшоит.
"Дельфин" аҟазауаа разгәаҭарақәа рыла атуристцәа уажәнатә нанҳәамзеи акадифаамҭеи рзы аҭыԥқәа рҿаҵара иалагахьеит.
"Русский Экспресс" аҿы ргәаанагарала амш бзиахар, жьҭаарамза нҵәаанӡа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа ҭәызаауеит. Аекономиа ҟазҵар зҭаху рзы цәыббрамза аҽеиҩшамҭа ашьҭахь ахәқәа 10-15% ирыгхоит.
"Интурист" ахаҭарнакцәа рыхәшьарала Аԥсныҟатәи атурқәа цәыббрамза анҵәамҭаз 20-30% илаҟәуеит асезон ашыкьымҭаз аасҭа.
Гагра аотельқәеи ауадақәеи уахыки-ҽнактәи рыхәқәа нанҳәамзазы 13% ирыцлар ҟалоит