Гагра аотельқәеи ауадақәеи уахыки-ҽнактәи рыхәқәа нанҳәамзазы 13% ирыцлар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБассейн в одной из гостинец в Гагре
Бассейн в одной из гостинец в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи акурорт Урыстәылатәи атуристцәа еиҳа иргәаԥханы иалырхуа аҭыԥқәа хәба ирыҵанакуеит.
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Урыстәылатәи акурортқәак рҿы еиԥш ԥхынгәымза иаҿырԥшны, Гагра нанҳәамзазы аотельқәеи ауадақәеи уахыки-ҽнактәи рыхәԥса 13% иацлар ҟалоит, арбагақәа, абри атәы лҳәеит Tvil.ru по аҿиареи акоммуникациақәеи рзы адиректор Оксана Шустикова.
Шустикова лажәақәа рыла, аԥхынра алагамҭаз Шәача асасааирҭа ауада 2,9 нызқьмааҭ иаԥсазар, нанҳәамзазы 3,6 нызқьмааҭ иаԥсахоит. Иалта асезон алагамҭаз анхарҭа 3,8 нызқьмааҭ иаԥсазар, нанҳәамзазы 4,7 нызқьмааҭ иаԥсахоит.
Tvil.ru астатистикала атуристцәа нанҳәамзазы 3-9 уахы-ҽны аԥсшьараз иаангылоит, бжьаратәла инырхуеит уахыки-ҽнаки рыла 2,6 - 6 нызқьмааҭ.
Нанҳәамзаз аныҟәараз иалыркаауа ақалақьқәа жәаба:
Шәача — 3598 м. / 9 у
Санкт-Петербург — 3897 м. / 5 у
Иалта — 4739 м. / 9 у
Казань — 3628 м. / 5 у
Гагра — 3477 м. / 9 у
Калининград — 2833 м. / 6 у
Москва — 3527 м. / 4 у
Кисловодск — 2599 м. / 7 у
Сортавала — 6113 м. / 3 у
Владивосток — 4688м. / у.
Ажәабжьқәа зегьы
0